Арадио

Ԥлиа Асовет Еидгыла аилаҳаразы: ақырҭцәа иаразнак рыԥсы ҭалеит

Нанҳәамза 18 инаркны 21 рҟынӡа 1991 шықәсазы имҩаԥысуаз ахҭысқәа, насгьы урҭ ирылҵшәахаз атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ауаажәларратә усзуҩы, "Ахьтәы Парламент" адепутат Давид Ԥлиа.
Sputnik
30 шықәса раԥхьа, нанҳәамза 18 инаркны 21 рҟынӡа 1991 шықәса рзы Асовет Еидгыла ахыбгаларазы аҽазышәара ыҟан. Аҭоурых аҿы ари ахҭыс "августтәи апутч" ҳәа хьӡыс иаиуит.
"…Асовет еидгыла еиқәҳархо еиқәҳмырхо азы ареферендум ыҟан. Аԥсынгьы иаҳхаагеит уи. Иаҿагылаз Звиади ицхырааҩцәа ракәын. Аха аԥсуаа зегьы иаабон Асовет еидгыла еилаҳар ҳара ҳзыхьчо мчы шыҟамлоз. Аимак-аиҿак рацәан, аха зегь акоуп, ҳара ҳаиааиртә ҟалеит ҳәа ҳҳәартә иҟан. Асовет Еидгыла анеилаҳа, иаразнак ақырҭцәа рыԥсы ҭалеит, иаразнак рыбџьар рыман иҳажәлеит. Уи аилаҳара сгәы снархьит, ҳәарада, избанзар, уи аепоха сааӡеит. Сара уи иснарҵаз алоуп сышхәыцуа, аха акапанга иқәургылар, ҳәарада, ахақәиҭра еиҳауп", – ҳәа азгәеиҭеит Ԥлиа.
Давид Ԥлиа иҳәеит, Асовет аамҭазы иҟаз асистема иахьа аҳәынҭқарра аргылараҿы аҟалара иахәҭаны ишиԥхьаӡо.
"Уи аамҭазы иҟан асистема, асааҭ еиԥш аус зуаз, уи ухы ақәыршәаны аус умур ауӡомызт. Иахьатәи аҳәынҭқарраҿы иҳагу абри аҭакԥхықәра ахьыҟам ауп. Усҟан иҟан ашкол аҿы, усҟан иҟан аколхоз аҿы, азауадқәа рҿы, афабрикақәа рҿы. Уи зегь ҩычан, ихаан сызҳәом, иагқәазгьы рацәан, аха егьырҭ аҳәынҭқаррақәа уи асистема иахьагьы иқәныҟәо ԥхьаҟа ицеит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.