Аԥсны даҽа 120 коронавирус хҭыс ҿыц азгәаҭоуп

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 24310-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 19608-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 360-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 21 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 426-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 120-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 114-а, рҭагылазаашьа бааԥсуп 21-ы, ибжьаратәуп - 26-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 36-ҩык, урҭ рахьтә 12-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 17-ҩык. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 42-а, урҭ рахьтә 11-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа. Аҟәатәи арратә госпиталь аҿы - 36-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>