Аԥсны иҟалаз амшцәгьа 80 миллион мааҭ рыхә аԥхасҭа ҟанаҵеит

Аҵыхәтәантәи амзазы Аԥсны аҭыԥ змаз ақәаршыҩ ӷәӷәақәа ирыхҟьаны атәылаҿы ахатәы ҩнқәа акыр аӡқәа рыҵалеит, ауааԥсыра аԥхасҭа ду рынаҭеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik. Аԥсны иҟалаз амшцәгьа 80 миллион мааҭ рыхә аԥхасҭа ҟанаҵеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит ахада имҩаԥигаз аилатәараҟны аԥыза-министр Александр Анқәаб.
Ешба еиҭеиҳәеит амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭеи уи аԥырхраз имҩаԥысуа аусурақәеи ртәы
Зыӡбахә рымоу ԥхынгәы 4, 26-27, нанҳәа 16 рзы иҟалаз амшцәгьақәа рыхҟьаԥҟьақәа роуп.
Иазгәаҭоуп ара ишалам иблыз аҩнқәа хԥеи иԥхасҭахаз амашьынақәа 19-и.
Анқәаб иажәақәа рыла, амшцәгьа иахҟьаны 231 ҩни 242 ргылареи ааха роуит. Иҟалаз аԥхасҭа иааидкыланы шаҟа ақәхарџьтәу макьанагьы аԥхьаӡара иаҿуп. 
Ааха ироуз ахәԥса рзыршәахьеит Гәылрыԥшь араион анхацәа, зеиԥшла иуԥхьаӡозар, ԥшь-миллион мааҭк инареиҳаны.