Быҭәба еиҭеиҳәеит амедицинатә усбарҭақәа аҵәыҵәри азы аиҵахара шрымам

Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб аилацәажәараҿы агәабзиарахьчара аминистр Едуард  Быҭәба еиҭеиҳәеит, Аԥсны аа-ҭыпк рыҟны еизакны аҵәыҵәри аазышьҭуа шықәдыргылаз.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 21– Sputnik. Ҽнак иадымхаргьы, акороновирус змоу ачымазҩы аҵәыҵәри имоукәан иҟамлаӡацт, уи Урыстәыла аахәаразы ауадаҩрақәа шыҟоугьы, ҳәа азгәеиҭеит Едуард Быҭәба.
Иара иажәақәа рыла, нанҳәа 18 рзы Гдоуҭатәи ахәшәҭәырҭахь иааган аа-тоннак аҵәыҵәри, нанҳәа 21 рзы Урыстәылантәи иаагахоит даҽа 24-тонна. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы аусурақәа ирҿуп 24 ҭыԥ ҵәыҵәри ахьықәдыргыло.
"Акороначымазараан аҵәыҵәри аиура злахымԥадатәиу ала, аҵәыҵәри ахархәара рацәаны иамоуп. Урыстәыла акырынтә ахә шышьҭыҵхьоу еиԥш, аԥшаарагьы уадаҩуп. Аха иахьаҭәиала урҭ ауадаҩрақәа иаразнак иӡбахоит. Ҳара ҳхалагь абаллонқәа ҳарҭәуеит, Гдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы аҭаҵәах ҳамоуп", - иҳәеит Быҭәба.
Агәабзиарахьчара аминистр иҳәеит, Аԥсны аиҳабыра аҵәыҵәри ахә иагьа ишьҭыҵыргьы ишааргало, анаҩстәи аагаразы аицәажәарақәа шцо.