АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik. Аилахәыра "Форсайт-медикал" аамҭа кьаҿк иалагӡаны Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы акомпиутертә томограф еиҭашьақәыргыланы ачымазҩцәа аднакылартә иҟарҵоит, иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба нанҳәа 20 рзы иҟаиҵаз аинтервиу аҟны.
Быҭәба иҳәеит, Аԥсны ахада инапынҵала иҽшрымаидаз аилахәыра аусзуҩцәа. Урҭ иҳадыргалеит акомпиутертә томограф-асканнер авольтҳаракыла аԥсахра азԥхьаӷазҭо, уи 3 600 000 мааҭ рҟынӡа иартәоит. Иара убас 800 000 мааҭ иаԥсоу амодуль харантәи иаазышьҭуа аҿаркарц. Аминистр иазгәеиҭеит жәамш рыҩнуҵаҟа аусурақәа зегь шынагӡахо, иаҭаху аԥара зегьы аншәахалак ашьҭахь.
"Дара хиоуп иааиуа амчыбжь азын Аԥсныҟа иааны аиҭашьақәыргыларатә усқәа рылагара. Амодуль харантәи иаазышьҭуа иаанагоит, ачымазцәа рхыԥхаӡара иацланы атомограф аусура иалагар, уи иахҟьаны атрубка ахьанҭара аиур, дара уаантәи аусура ааныркылоит иԥхасҭамхарц азы", - иҳеит иара.
Гәдоуҭатәи аковидхәшәтәырҭаҿы акомпиутертә томограф ԥхасҭанаҵы, рхы иадырхәоит ацифратә арентген-аппарат.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: