"Ажәа - ԥҟа"
"Уажәа хьыла иԥысҟоит" ҳәа иҳәоит аԥсуа аӡәы иажәа анагӡаха имҭакәа, инаимданы ацәажәара даналаго – уи алагьы иааирԥшуеит уи ауаҩ иажәа пату шизақәу. Ирҳәоит иара убасгьы, "уажәа акгьы ԥнамҟозар, умцәажәар еиӷьуп" ҳәа – зажәа акгьы аанамго, зажәа ҵакыдоу ауаҩы ицәажәаразы. Ажәакала, аԥсуа жәаԥҟа ишаҳәо еиԥш: "ауаҩы дырдыруеит ажәала, аҽада – алымҳала".
Ажәаԥҟа – ари зҵакы гәылыршәоу, исахьаркыу, зхатә ритмика змоу бызшәатә еицааироуп, жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа ирыхәҭакәу жанруп. Урҭ иаадырԥшуеит ажәлар рҭоурых, рдунеихәаԥшышьа, ркультура.
Ажәаԥҟақәа ҵакылеи тематикалеи акыр еиуеиԥшым: аԥсадгьыли ажәлари ирызку, аиҩызара иазку, аусуреи аашьареи зныԥшуа, аиашеи ахәахәеи уҳәа. Иааидкыланы аԥсуа фольклор ишаҟазшьоу еиԥш, аԥсуа жәаԥҟақәа рҟынгьы аҭыԥ ду ааннакылоит афырхаҵаратә тематика. Аԥсуаа ишырԥхьаӡо ала, "ауаҩы ахьӡи ахьымӡӷи рзы ауп адунеи дзықәу". Абасала ахәыҷы иааӡараҿгьы афырхаҵара, агәымшәара иларааӡоит, иҽеим ахымҩаԥгашьагьы ажәала иԥырҟоит. Ирҳәоит: "Аҵеи бзиа жәлары зегь дырԥоуп, абааԥсы – иани иаби".
"Ахаҵа дызқәымшәо егьыҟаӡам"
Аԥсуа жәаԥҟақәа рҟны ахаҵареи агәаӷьреи шӡырырго еиԥш, ашәаргәындареи амарҵеиреи ҿаԥырҽуеит. Иааҳгап урҭ зныԥшуа аҿырԥштәқәа: