АҞӘА, нанҳәа 22 - Sputnik. Алада Новгородтәи аобласт агубернатор ихаҭыԥуаҩ Андреи Саносиан Аԥснытәи аделегациа идикылеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.
Аделегациа напхгара азызуа Алхас Кәыҵниа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҟынтәи, Алада Новгород ақалақь 800-шықәса ахыҵра аҳаҭыр азын иҟаиҵаз адныҳәаларатә ажәанҵа риҭеит. Анаҩс аҩ-ганк алацәажәеит аусеицуразы азҵаарақәа.
Сынтәа 10 шықәса ҵоит Аԥсни Алада Новгородтәи аобласти рыбжьара аиҩызаратә еиқшаҳаҭра рнапы аҵарыҩижьҭеи. 2011 шықәса раахыс Аҟәеи Алада Новгороди - ақалақьқәа аиашьара рыбжьоуп.
Андреи Саносиан иҭабуп ҳәа реиҳәеит аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа рхы ахьаладырхәыз.
"Ҳара иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит ҳрегион шәахьазҿлымҳау, иара убас ҳқалақь 800-шықәса ахыҵра иазкны ҳгәырӷьара ахьҳацеиҩышәшаз", - иҳәеит Саносиан.
Алхас Кәыҵниа Алада Новгородтәи аобласт анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит иҟарҵаз адкыларазы. Инаҵшьны иазгәеиҭеит еиуеиԥшым ахырхарҭала ҳусеицура аҵак ду шамоу.
Аиԥылара мҩаԥысит Алада Новгород иҟоу ҳаҭыр зқәу Аԥсны аконсул Владимир Литвинчуки аҭыԥантәи анапхгареи алархәны.
Аԥсны ахада иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа зхадараҿы дыҟоу аԥсуа делегациа аилазаараҿы иҟоуп Аҳәынҭқарра ахада иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Зураб Қаџьаиа, адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Гагра араион ахада ихаҭыҧуаҩ Алхас Барцыц, Пицунда ақалақь ахада Руслан Хәынҵариа.