Китаи иаатит Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа АрМи-2021

Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа АрМи-2021 аҟны аԥснытәи акоманда зныкала акыр аицлабрақәа рҽаладырхәуеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 22 - Sputnik. Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа АрМи-2021 аартра иазкыз аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит ахысырҭа "Корло"  Китаи Жәлар-рхақәиҭратә адгьылмҩатә ар рыла. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Китаи имҩаԥысуеит х-еицлабрак АрМИ-2021: "Чистое небо", "Суворовский натиск", "Безопасная среда".
Аԥснытәи аруаа АрМи-2021 рҽазыҟаҵо ашьхатә ԥынгылатә цәаҳәа иахысит
Аԥснытәи аруаа ргәыԥ алахәхоит ф-еицлабрак рыҟны: "Танковый биатлон", амузыка арҿиаратә еицлабра "Армия культуры", арҭ аҩ-еиндаҭларак мҩаԥысуеит Москва, ақалақь Риазан имҩаԥгахоит "Десантный взвод", "Тактический стрелок", аиндаҭлара "Морской десант" Владивосток имҩаԥгахоит. Ахрахалара аицлабра "Эльбрусское кольцо" мҩаԥысуеит Ҟабарада-Балкариа". Аԥснынтәи  Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа АрМи-2021 ирылахәхоит  110 -ҩык.
Сынтәа Урыстәылатәи акомандақәа ирылахәу зегьы Атәылахьчара аминистрра иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭоу акурсантцәа, арратә еицлабрақәа рыҟны аиааирақәа згаз роуп.
Китаиҟа инаган аицлабра иалахәу аруаа рнаҩс, ҳаамҭазтәи аибашьыгатә машьынақәагьы.
Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа АрМи-2021 аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәыла 16 еицлабра иалахәхоит, Белоруссиа, Китаи, Иран х-еицлабрак, Алжир, Ермантәыла, Сербиа, Катар еицлабрак.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: