Амилаҭтә банк иҭнажьит агәалашәаратә ԥараҿырԥқәа

Ахатәы хаҿқәеи аиурист хаҿқәеи ирымоуп алшара Аԥсны амилаҭтә Банк аԥараҿырԥқәа ареспублика абанкқәа рҿы аахәара.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 23 - Sputnik. Аԥсны амилаҭтә банк иҭнажьит агәалашәаратә ԥараҿырԥқәа "Аԥсны иналукааша ауаа" асериа иаҵанакуа. Абри атәы азгәаҭоуп Абанк асаит аҿы.
1 / 2
Аԥараҿырпы "Шәлиман Цыба", ҭырқәтәылатәи ашьапылампылтә клуб "Бешикташ" ахада Сулеиман Себа диижьҭеи 95-шықәса аҵра иазкуп, жәа-аԥсарк иҟоуп.
2 / 2
Аԥараҿырпы "Зураб Ачба", еицырдыруаз ауаажәларратәи аполитикатәи аусзуҩ Зураб Ачба диижьҭеи 70-шықәса аҵра иазкуп, жәа- апсарк иҟоуп.
 
Аԥараҿырпы "Зураб Ачба", еицырдыруаз ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ Зураб Ачба диижьҭеи 70-шықәса аҵра иазкуп, жәа- апсарк иҟоуп.
Аԥараҿырпы "Шәлиман Цыба", ҭырқәтәылатәи ашьапылампылтә клуб "Бешикташ" ахада Сулеиман Себа диижьҭеи 95-шықәса аҵра иазкуп, жәа-аԥсарк иҟоуп.
Асахьаҭыхыҩ – Баҭал Џьапуа. Атираж - 100-100 цыра.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: