Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусԥҟа инақәыршәаны ареспубликаҿы 1992-1993 шш. рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра хатәгәаԥхарала иалахәызи рҭаацәарақәа рлахәылацәеи атәыла анҭыҵ инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәеи рҭаҩра аԥҟара еиҭакуп. Абри азы аусԥҟа кьыԥхьуп Аԥсны ахада исаит аҿы.
"…Еиҳарак ас еиԥш ауадаҩра рызцәырҵуан абазацәа. Дара ирмарианы аԥсуа паспорт роуеит, зхатәы уадақәа змоу шырацәоугьы, измамгьы ыҟоуп… Ари аус ишаҿыз здыруан, аха ас ирлас ишыҟалоз сыздыруамызт, даара иманшәалахеит. Аурыс ҳәаахьчаҩцәа ирдыруеит, уи апроблема иахҟьаны Аҟәа аҳабла ҿыц аҟны Аргәын 16 аҩнаҟны зықьҩык инареиҳаны абазақәа ҭаҩуп. Уажәшьҭа ари аус маншәалахоит. Досу аҩызцәа, адырцәа рымоуп. Уажәшьҭа ас еиԥш азакәан анрыдыркыла ашьҭахь ара инхо алшара рымоуп рыҩнаҟны абазацәа, мамзаргьы хатәгәаԥхарала еибашьуаз, урҭ ирхылҵыз рҭаҩра", - иҳәеит Аџьынџьал.
Адокумент инақәыршәаны аҳәынҭқарратәи ахатәтәи нхаратә фонд анхарҭақәа рҿы нанҳәа 12 инаркны анхашьа анормақәа ирхьмырԥшкәа иҭарыҩуеит.
Нанҳәа 10 рзы Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба аусутә еилацәажәара мҩаԥигеит Аԥсны атәылауаа, иааиԥмырҟьаӡакәа атәыла анҭыҵ инхо абазақәеи, хатәгәаԥхарала еибашьуази, арепатриантцәеи рҭаҩра азҵаарақәа ирызкны.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапынҵалеи абазатә еилазаара иҟарҵаз ааԥхьареи инарықәыршәаны административтә ԥкрақәа реиҵатәразы арҭ атәылауаҩратә гәыԥқәа Аԥсны иааиԥмырҟьаӡакәа рҭаҩразы азинтә ҭышәынтәалара азҵаара иахәаԥшын.