https://sputnik-abkhazia.info/20210823/Aynal-khatgakharala-eibashuazi-adiasporei-Asny-rara-azaarazy-imanshalakheit-1033072297.html
Аџьынџьал хатәгәаԥхарала еибашьуази адиаспореи Аԥсны рҭаҩра азҵааразы: иманшәалахеит
Аџьынџьал хатәгәаԥхарала еибашьуази адиаспореи Аԥсны рҭаҩра азҵааразы: иманшәалахеит
Sputnik Аҧсны
Аԥсны атәылауаа рҭаҩразы Аԥҟара ахарҭәаарақәа алагалоуп 2021 шықәса нанҳәа 12 рзы атәыла ахада инапы зҵеиҩыз Аусԥҟа инақәыршәаны. Ари ахҭыс иаԥхьанеиуаз аусура... 23.08.2021, Sputnik Аҧсны
2021-08-23T14:15+0300
2021-08-23T14:15+0300
2021-08-23T14:15+0300
аԥсны
арадио
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/11/1032238955_0:81:3072:1819_1920x0_80_0_0_48879112b815a4c0def10f6008ebf2e9.jpg
Аџьынџьал хатәгәаԥхарала еибашьуази адиаспореи Аԥсны рҭаҩра азҵааразы: иманшәалахеит
Sputnik Аҧсны
Аџьынџьал хатәгәаԥхарала еибашьуази адиаспореи Аԥсны рҭаҩра азҵааразы: иманшәалахеит
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусԥҟа инақәыршәаны ареспубликаҿы 1992-1993 шш. рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра хатәгәаԥхарала иалахәызи рҭаацәарақәа рлахәылацәеи атәыла анҭыҵ инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәеи рҭаҩра аԥҟара еиҭакуп. Абри азы аусԥҟа кьыԥхьуп Аԥсны ахада исаит аҿы."…Еиҳарак ас еиԥш ауадаҩра рызцәырҵуан абазацәа. Дара ирмарианы аԥсуа паспорт роуеит, зхатәы уадақәа змоу шырацәоугьы, измамгьы ыҟоуп… Ари аус ишаҿыз здыруан, аха ас ирлас ишыҟалоз сыздыруамызт, даара иманшәалахеит. Аурыс ҳәаахьчаҩцәа ирдыруеит, уи апроблема иахҟьаны Аҟәа аҳабла ҿыц аҟны Аргәын 16 аҩнаҟны зықьҩык инареиҳаны абазақәа ҭаҩуп. Уажәшьҭа ари аус маншәалахоит. Досу аҩызцәа, адырцәа рымоуп. Уажәшьҭа ас еиԥш азакәан анрыдыркыла ашьҭахь ара инхо алшара рымоуп рыҩнаҟны абазацәа, мамзаргьы хатәгәаԥхарала еибашьуаз, урҭ ирхылҵыз рҭаҩра", - иҳәеит Аџьынџьал.Адокумент инақәыршәаны аҳәынҭқарратәи ахатәтәи нхаратә фонд анхарҭақәа рҿы нанҳәа 12 инаркны анхашьа анормақәа ирхьмырԥшкәа иҭарыҩуеит.Нанҳәа 10 рзы Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба аусутә еилацәажәара мҩаԥигеит Аԥсны атәылауаа, иааиԥмырҟьаӡакәа атәыла анҭыҵ инхо абазақәеи, хатәгәаԥхарала еибашьуази, арепатриантцәеи рҭаҩра азҵаарақәа ирызкны.Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапынҵалеи абазатә еилазаара иҟарҵаз ааԥхьареи инарықәыршәаны административтә ԥкрақәа реиҵатәразы арҭ атәылауаҩратә гәыԥқәа Аԥсны иааиԥмырҟьаӡакәа рҭаҩразы азинтә ҭышәынтәалара азҵаара иахәаԥшын.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/11/1032238955_430:296:3072:1956_1920x0_80_0_0_c67723d3df34c36239ab487324541c5c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны
Аџьынџьал хатәгәаԥхарала еибашьуази адиаспореи Аԥсны рҭаҩра азҵааразы: иманшәалахеит
Аԥсны атәылауаа рҭаҩразы Аԥҟара ахарҭәаарақәа алагалоуп 2021 шықәса нанҳәа 12 рзы атәыла ахада инапы зҵеиҩыз Аусԥҟа инақәыршәаны. Ари ахҭыс иаԥхьанеиуаз аусура далацәажәеит Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз аветеранцәа аус рыцуразы атәыла ахада иабжьгаҩ Рисмаг Аџьынџьал.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусԥҟа инақәыршәаны ареспубликаҿы 1992-1993 шш. рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра хатәгәаԥхарала иалахәызи рҭаацәарақәа рлахәылацәеи атәыла анҭыҵ инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәеи рҭаҩра аԥҟара еиҭакуп. Абри азы аусԥҟа кьыԥхьуп Аԥсны ахада исаит аҿы.
"…Еиҳарак ас еиԥш ауадаҩра рызцәырҵуан абазацәа. Дара ирмарианы аԥсуа паспорт роуеит, зхатәы уадақәа змоу шырацәоугьы, измамгьы ыҟоуп… Ари аус ишаҿыз здыруан, аха ас ирлас ишыҟалоз сыздыруамызт, даара иманшәалахеит. Аурыс ҳәаахьчаҩцәа ирдыруеит, уи апроблема иахҟьаны Аҟәа аҳабла ҿыц аҟны Аргәын 16 аҩнаҟны зықьҩык инареиҳаны абазақәа ҭаҩуп. Уажәшьҭа ари аус маншәалахоит. Досу аҩызцәа, адырцәа рымоуп. Уажәшьҭа ас еиԥш азакәан анрыдыркыла ашьҭахь ара инхо алшара рымоуп рыҩнаҟны абазацәа, мамзаргьы хатәгәаԥхарала еибашьуаз, урҭ ирхылҵыз рҭаҩра", - иҳәеит Аџьынџьал.
Адокумент инақәыршәаны аҳәынҭқарратәи ахатәтәи нхаратә фонд анхарҭақәа рҿы нанҳәа 12 инаркны анхашьа анормақәа ирхьмырԥшкәа иҭарыҩуеит.
Нанҳәа 10 рзы Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба аусутә еилацәажәара мҩаԥигеит Аԥсны атәылауаа, иааиԥмырҟьаӡакәа атәыла анҭыҵ инхо абазақәеи, хатәгәаԥхарала еибашьуази, арепатриантцәеи рҭаҩра азҵаарақәа ирызкны.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапынҵалеи абазатә еилазаара иҟарҵаз ааԥхьареи инарықәыршәаны административтә ԥкрақәа реиҵатәразы арҭ атәылауаҩратә гәыԥқәа Аԥсны иааиԥмырҟьаӡакәа рҭаҩразы азинтә ҭышәынтәалара азҵаара иахәаԥшын.