Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Џьапуа Очамчыра ирыԥшааз атсатә ҭоубыҭ иазкны

Аԥсуеи аурыс ҵарауаи Очамчыра ажрақәа анымҩаԥыргоз ирбеит атса иалху аҭоубыҭ. Ас еиԥш аԥшаах аҵакы атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҳабы Аркади Џьапуа.
Sputnik
Аҭҵааҩцәа Очамчыра антикатә қалақь Гиуенос ахьыҟаз аҭыԥ аҿы здаҟам аԥшаах рԥыхьашәеит – атсалых ҭоубыҭ V-VI ашәышықәсақәа рахь иаҵанакуа. Абри атәы еиҭеиҳәеит аекспедициа алахәыла, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҳабы Аркади Џьапуа. "Ари иашаҵәҟьаны адунеитә археологиазгьы аҵакы змоу ԥшаахуп. Ареспублика иахьаҵанакуаз уаанӡагьы ирԥыхьашәахьан аҭоубыҭқәа, аха урҭ хаҳәлыхын. Атсарҭәа иалху аҭоубыҭ раԥхьаӡа акәны иԥшаауп", - иҳәеит археолог Џьапуа. Атсалых ҭоубыҭқәа ирҭаҵаны иржуаз ауахәама амаҵуцәа дуқәа, ауаа дырқәа, атәыла анапхгаҩцәа ракәын.