https://sputnik-abkhazia.info/20210823/Khra-zlou-akhysa-apua-Ochamchyra-iryshaaz-atsat-ouby-iazkny-1033087133.html
Хра злоу ахҭысқәа: Џьапуа Очамчыра ирыԥшааз атсатә ҭоубыҭ иазкны

Sputnik Аҧсны
Аԥсуеи аурыс ҵарауаи Очамчыра ажрақәа анымҩаԥыргоз ирбеит атса иалху аҭоубыҭ. Ас еиԥш аԥшаах аҵакы атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥснытәи... 23.08.2021, Sputnik Аҧсны
2021-08-23T17:05+0300
2021-08-23T17:05+0300
2021-08-23T17:14+0300
аԥсны
арадио
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/09/03/1030871590_0:45:2000:1176_1920x0_80_0_0_8f2b0134f3cb6e16a3cbc6cf980c65fb.jpg
Хра злоу ахҭысқәа: Џьапуа Очамчыра ирыԥшааз атсатә ҭоубыҭ иазкны
Sputnik Аҧсны
Хра злоу ахҭысқәа: Џьапуа Очамчыра ирыԥшааз атсатә ҭоубыҭ иазкны
Аҭҵааҩцәа Очамчыра антикатә қалақь Гиуенос ахьыҟаз аҭыԥ аҿы здаҟам аԥшаах рԥыхьашәеит – атсалых ҭоубыҭ V-VI ашәышықәсақәа рахь иаҵанакуа. Абри атәы еиҭеиҳәеит аекспедициа алахәыла, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҳабы Аркади Џьапуа. "Ари иашаҵәҟьаны адунеитә археологиазгьы аҵакы змоу ԥшаахуп. Ареспублика иахьаҵанакуаз уаанӡагьы ирԥыхьашәахьан аҭоубыҭқәа, аха урҭ хаҳәлыхын. Атсарҭәа иалху аҭоубыҭ раԥхьаӡа акәны иԥшаауп", - иҳәеит археолог Џьапуа. Атсалых ҭоубыҭқәа ирҭаҵаны иржуаз ауахәама амаҵуцәа дуқәа, ауаа дырқәа, атәыла анапхгаҩцәа ракәын.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/09/03/1030871590_0:0:2000:1258_1920x0_80_0_0_e99c176bd427d7232432b07e0f35f4e0.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны
Хра злоу ахҭысқәа: Џьапуа Очамчыра ирыԥшааз атсатә ҭоубыҭ иазкны
17:05 23.08.2021 (ирҿыцуп: 17:14 23.08.2021) Аԥсуеи аурыс ҵарауаи Очамчыра ажрақәа анымҩаԥыргоз ирбеит атса иалху аҭоубыҭ. Ас еиԥш аԥшаах аҵакы атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҳабы Аркади Џьапуа.