Аҟәа 2019 шықәсазы ауаҩшьра ҟаиҵеит ҳәа агәызҩара ззыҟоу даанкылоуп

2019 шықәса цәыббра 3 рзы Аҟәа, Аҳабла ҿыц аҿы аҩнқәа руак аҟны дыршьит Омари Шьакаиа. Дишьызар ҟалоит ҳәа агәызҩара ззыҟаз Аркади Бжьаниа ишьҭазаара рылаҳәан.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 24 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ақәҵарала даанкылоуп 2021 шықәса цәыббра 20 аҟынӡа Аркади Бжьаниа, Омари Шьакаиа дишьит ҳәа агәызҩара ззыҟоу. Абри атәы аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.
Бжьаниа иԥшаара рылаҳәан 2019 шықәса цәыббра 5 рзы.
Ашьаусҭҵаара адыррала Шьакаиа ихы ахәра аиуит. Ахҭыс ҟалеит Аҳабла ҿыц, Лагәлаа имҩа аҩны №3 аҿы.
Бжьаниа иара убасгьы закәаншьаҭада абџьар аахәара, аҭира, аҵәахра, ма аныҟәгара рзы АЗ ахәҭаҷ ала ахара идырҵоит.