Аԥсны акоронавирус даҽа 123-ҩык ирыдырбалеит, аӡәы иԥсҭазаара далҵит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 24570-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 20307-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 366-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 24– Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 422-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 123-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 69 шықәса зхыҵуаз пациентк.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 103-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 20-ҩык, ибжьаратәуп - 21-ы. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 29-ҩык, урҭ рахьтә жәаҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 18-ҩык. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 34-ҩык, урҭ рахьтә 11-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - жәаҩык апациентцәа. Аҟәатәи арратә госпиталь аҿы - 51-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>