Аԥсны зегь раасҭа имариоу атур Шәача аԥсшьара аиҳа еиҳауп

АТОР аналитикатә маҵзура урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии акурортқәа рҟны ахәқәа рмониторинг мҩаԥыргоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 24 - Sputnik. Аԥсны цәыббрамзазы аԥсшьаразы ахәқәа 45% ишеиҵахазгьы зегь раасҭа имариоу атур Шәача аԥсшьара аиҳа еиҳахоит, абри атәы аҩуеит Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациа акьыԥхьымҭа Вестник.
Аԥснытәи акурорт цәыббрамзазы иалырхуа ируакхеит
Аплиажтә турпакетқәа цәыббра алагамҭазы еиҳа иалырхуеит зхала иҟоу ауаа, аҿар.
Аҳа "1001 тур" астатистика ала атурқәа аазхәаз атуристцәа рыбжьара ахәыҷқәа зцу 61% ыҟазар, цәыббра 1-7 азы аҳаирплан ахархәараз урҭ рхыԥхьаӡара  30% роуп иҟоу.
Апандемиа ҟалаанӡа Аԥсны аԥсшьара еснагь еиҳа имариан Шәача аасҭа. Аха уажәы Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иҟоу аҭахрақәа инарықәыршәаны арегион аотелиерцәа рҭагылазаашьа уадаҩхеит.
Шәачатәи атурқәа рыхәԥса  23,5% илаҟәит, абилеҭқәа рыхә акәзаргьы убас. Ҩыџьа еиҳа имариоу апакеттә тур аархәар рылшоит жәамш рзы  21,5 – 26,6 нызқьмааҭ ҳәа.
Ростуризм аиҳабы Зарина Догузова ишылҳәо ала Краснодартәи атәылаҿацә аҿы заанаҵтәи аҿаҵарақәа 20-30% итәоит.
Ҟәбантәи аотельқәагьы ахәқәа ладырҟәуеит: цәыббрамза алагамҭазы Анапа жәамш аԥсшьара ахә 40% еиҵахеит нанҳәа иаҿырԥшны, Шәача –абжеиҵара.
Аҳәаанырцәтәи ахырхарҭақәа рҿы ахәбзиала актәи аҭыԥ ннакылоит Ҭырқәтәыла. Ара жәамштәи апакет 39 650 мааҭ ҳәа ҩыџьа иаархәар ҟалоит (цәыббра 1-7).
Ҭырқәтәыла ашьҭахь ареитинг иаҵанакуеит Кипр, Египет, Болгариа, ЕАЕ (жәамш - 70-74 нызқь мааҭ ҩыџьа рзы).