АҞӘА, нанҳәа 24 – Sputnik. Нанҳәа 23 инаркны баллонк агаз ахәԥса иартәоит зықь мааҭ ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аилахәыра ахантәаҩы Рамаз Џьопуа.
Иара иажәақәа рыла, баллонк агаз амҩангареи егьырҭ ахарџьқәеи алаҵаны 1100 мааҭ итәон, аха иалыршахеит ахәԥса 1000 мааҭ рҿы аанкылара.
Џьопуа иҳәеит Аԥсны агаз ишақәгәыӷуаз аасҭа еиҳа ирласны инҵәеит ҳәа. Акурорттә сезон аан агаз еиҳа инырхуеит Аҟәа, Пицунда, Гагра.
"Аԥсныбылтәы" ахантәаҩы иҳәеит иара убасгьы агаз аагара апроблема шыҟоу аҳәааҿы атуристтә бум иахҟьаны. Х-вагонк раагаразы мызкы аԥшра анаҭаххо ыҟоуп.
Аԥсны аҭиратә хәыԥса Аминистрцәа реилазаара ақәҵарала ишьақәдыргылоит. Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзураҿы Sputnik иазеиҭарҳәеит баллонк ахә 1000 мааҭ иаԥсахоит ҳәа макьаназы ишрыдрымкылац.
Аԥсуа телехәаԥшра нанҳәа 19 азы аинтервиу аҭо, "Аԥсныбылтәы" аекономист хада Валери Антонов иҳәеит агаз ахә изацло аахәаратә хәыԥса тоннак азы 38 000 мааҭ аҟынтәи 58 662 рахь иахьхалаз шакәу.
Аԥснытәи аилахәыра агаз "Нефтегаз Сочи" иамнахәҳауеит. Уажәы аилахәырақәа рыбжьара 67 тонна агаз аахәаразы аилаӡара анапы аҵаҩуп. Убри аан алагалатә ахәԥсацҵазы ашәахтә макьана ишьақәыргылам.