Диагнозк еиднакылоит: "Ашана" хҩык ахәыҷқәа рзы аԥареизгара иалагеит

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Анастасиа Бадиаԥҳа, Мариа Кесиан, Валериа Џьынџьалԥҳа ргәабзиара аиҭашьақәыргылараз ахәшәтәразы аԥареизгара иалагеит.
Sputnik
Еревантәи ареабилитациатә центр аҟаза иҟны аҽыхәышәтәразы еизгатәуп 235 956 мааҭ аԥара. Арҭ аӡӷабцәа хәыҷқәа еиднакылоит диагнозк – ахәыҷтәы хбаҩлашатә дабла. Дара ахысраны иҟоуп Еревантәи ареабилитациатә центр аҟаза иҟны аҽыхәышәтәра, ржьышә арӷәӷәаразы, рхала итәо-игыло, аныҟәара иалагаразы. 
Иахьатәи рҭагылазаашьа еиӷьтәны уаҵәтәи амш иақәгәыӷырц арҭ аӡӷабцәа хәыҷқәа ирзеизгатәуп 235 956 мааҭ аԥара.
Ацхыраара аҟаҵашьа адырразы аинформациа: афонд "Ашана" аофициалтә саит аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: