Урыстәылатәи ахимиатә хьчара аҟазауаа Гәдоуҭеи Гагреи арзҩыдаратә усурақәа мҩаԥыргеит

Аусурақәа ирылархәуп арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи 30-ҩык аҟазауаа амашьына ҷыдақәа рыла аусурақәа мҩаԥыргоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 24 - Sputnik. Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи акоронавирус аламырҵәаразы Аԥсныҟа иааз Гәдоуҭа 120 000 метр ԥшьыркцеи, Гагра 40 000 метр ԥшьыркцеи рырзҩыдара мҩаԥыргеит. Абри атәы аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Гәдоуҭа аррамаҵзурауаа ақалақь ахадара, араионтә хәышәтәырҭа, аџьармыкьа, аспорт-школ, амилициа аҟәша рхыбрақәа дырзҩыдеит, Гагра – араион ахадара аҵакыреи аџьармыкьа хадеи.
Ахимиатә хьчара азҟазауаа Гәдоуҭеи Гагреи арзҩыдаратә усурақәа мҩаԥыргеит
Аусураҿы ахархәара рыҭан астанциақәа АРС-14КМ, ареактивтә рныҟәага змоу амашьынақәа ТМС-65У, автономтә хархәагатә техника ДКВ-1К.
Арзҩыдара мҩаԥыргон аиларшьшь ДТС-ГК ала ахыхьчага цәамаҭәа "Нерехта" рышәҵаны.
Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы ҩаԥхьа Аԥсныҟа иаашьҭуп.