Арадио

Џьопуа агаз ахә ацларазы: иаҳхашәалоз зегьы ахыхны ишьақәҳаргылеит

АУН "Аԥсныбылтәы" аиҳабы Рамаз Џьапуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны агаз азы аҭагылазаашьа зеиԥшроу, баллонк заҟа иаԥсоу , насгьы уи ахә шышьақәдыргылаз атәы.
Sputnik
"Аԥсныбылтәы" азԥхьагәаҭарала баллонк агаз 680 мааҭ аҟынтә 1100 мааҭ рахь ахә неиуеит. Абри атәы Аԥсуа телехәаԥшраҿы мышқәак раԥхьа иҳәеит АУН "Аԥсныбылтәы" аекономист хада Валери Антонов.
"Агаз Аԥсны иҟоуп. Ашьыжь амашьынақәа рҭәны араионқәа рахь иҳашьҭит. Иахьа иааганы иҳамоу ҳазхоит ҩымз рҟынӡа. Баллонк агаз иара излааҳгаз ахә ала ҳекономистцәа изларыԥхьаӡаз ала иартәон 1100 мааҭ аԥара. Ҳара иаҳхашәалоз зегьы ахыхны 11 кьыла агаз, уи баллонк ауп, 1000 мааҭ ҳәа иҟаҳҵеит. Иахьоуп ахә ианацла. Уажәраанӡа иааҳгахьаз агаз ҳаман. Иара ианаҳҭахугьы иаҳзаагаӡом, аҳәааҿы иҟоу агәаранқәа рзы, маҷк иадхалоит. Х-вагонк агаз аҭагаларазы 20-25 мшы ҳаԥшуеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.
Агаз иахьа ахашәала узҭо ак акәны иԥхьаӡаӡам, баллонк ауаҩы мызкы изхоит. Аԥсны иҟоуп даҽа еилахәырак агаз иаҿу, дара астационартә ҭаҭәарҭақәа рымоуп, иааилаҵаны 2000 тонна роуп шықәсык иаҳҭиуа, сынтәа маҷк еиҳахеит ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Аԥсныбылтәы" агаз ахәԥса шьҭнахит