https://sputnik-abkhazia.info/20210824/Asnybylty-agaz-akhsa-shnakhit-1033090538.html
"Аԥсныбылтәы" агаз ахәԥса шьҭнахит
"Аԥсныбылтәы" агаз ахәԥса шьҭнахит
Sputnik Аҧсны
Аԥсныҟа агаз Урыстәылантәи иаахәаны иааргоит. Уажәы уа ахәқәа ахьышьҭыҵыз иахҟьеит ареспубликаҿгьы агаз ахә азҳара. 24.08.2021, Sputnik Аҧсны
2021-08-24T10:44+0300
2021-08-24T10:44+0300
2021-08-24T09:57+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102887/17/1028871748_0:0:3214:1816_1920x0_80_0_0_4ce0c098427e701eb1a2121fe2a9fa82.jpg
АҞӘА, нанҳәа 24 – Sputnik. Нанҳәа 23 инаркны баллонк агаз ахәԥса иартәоит зықь мааҭ ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аилахәыра ахантәаҩы Рамаз Џьопуа.Иара иажәақәа рыла, баллонк агаз амҩангареи егьырҭ ахарџьқәеи алаҵаны 1100 мааҭ итәон, аха иалыршахеит ахәԥса 1000 мааҭ рҿы аанкылара.Џьопуа иҳәеит Аԥсны агаз ишақәгәыӷуаз аасҭа еиҳа ирласны инҵәеит ҳәа. Акурорттә сезон аан агаз еиҳа инырхуеит Аҟәа, Пицунда, Гагра."Аԥсныбылтәы" ахантәаҩы иҳәеит иара убасгьы агаз аагара апроблема шыҟоу аҳәааҿы атуристтә бум иахҟьаны. Х-вагонк раагаразы мызкы аԥшра анаҭаххо ыҟоуп.Аԥсуа телехәаԥшра нанҳәа 19 азы аинтервиу аҭо, "Аԥсныбылтәы" аекономист хада Валери Антонов иҳәеит агаз ахә изацло аахәаратә хәыԥса тоннак азы 38 000 мааҭ аҟынтәи 58 662 рахь иахьхалаз шакәу.Аԥснытәи аилахәыра агаз "Нефтегаз Сочи" иамнахәҳауеит. Уажәы аилахәырақәа рыбжьара 67 тонна агаз аахәаразы аилаӡара анапы аҵаҩуп. Убри аан алагалатә ахәԥсацҵазы ашәахтә макьана ишьақәыргылам.
https://sputnik-abkhazia.info/20210820/Asnybylty-Asny-agaz-akh-iatsloit-a-azganaoit-1033069744.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102887/17/1028871748_0:0:3214:2020_1920x0_80_0_0_dd141b97768e06f6feb78c830869b642.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
"Аԥсныбылтәы" агаз ахәԥса шьҭнахит
Аԥсныҟа агаз Урыстәылантәи иаахәаны иааргоит. Уажәы уа ахәқәа ахьышьҭыҵыз иахҟьеит ареспубликаҿгьы агаз ахә азҳара.
АҞӘА, нанҳәа 24 – Sputnik. Нанҳәа 23 инаркны баллонк агаз ахәԥса иартәоит зықь мааҭ ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аилахәыра ахантәаҩы Рамаз Џьопуа.
Иара иажәақәа рыла, баллонк агаз амҩангареи егьырҭ ахарџьқәеи алаҵаны 1100 мааҭ итәон, аха иалыршахеит ахәԥса 1000 мааҭ рҿы аанкылара.
Џьопуа иҳәеит Аԥсны агаз ишақәгәыӷуаз аасҭа еиҳа ирласны инҵәеит ҳәа. Акурорттә сезон аан агаз еиҳа инырхуеит Аҟәа, Пицунда, Гагра.
"Аԥсныбылтәы" ахантәаҩы иҳәеит иара убасгьы агаз аагара апроблема шыҟоу аҳәааҿы атуристтә бум иахҟьаны. Х-вагонк раагаразы мызкы аԥшра анаҭаххо ыҟоуп.
Аԥсны аҭиратә хәыԥса Аминистрцәа реилазаара ақәҵарала ишьақәдыргылоит. Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзураҿы Sputnik иазеиҭарҳәеит баллонк ахә 1000 мааҭ иаԥсахоит ҳәа макьаназы ишрыдрымкылац.
Аԥсуа телехәаԥшра нанҳәа 19 азы аинтервиу аҭо, "Аԥсныбылтәы" аекономист хада Валери Антонов иҳәеит агаз ахә изацло аахәаратә хәыԥса тоннак азы 38 000 мааҭ аҟынтәи 58 662 рахь иахьхалаз шакәу.
Аԥснытәи аилахәыра агаз "Нефтегаз Сочи" иамнахәҳауеит. Уажәы аилахәырақәа рыбжьара 67 тонна агаз аахәаразы аилаӡара анапы аҵаҩуп. Убри аан алагалатә ахәԥсацҵазы ашәахтә макьана ишьақәыргылам.