Аԥсуа қалақь "акадифаамҭазы" хәмариала аԥсшьара ахьалшо аҭыԥқәа ирылашәеит

Атуристтә маҵзура TVIL.RU иалнакааит "акадифаамҭазы" аԥсшьара еиҳа хәмариала иахьалшо ақалақьқәа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik. Афон ҿыц "акадифаамҭазы" аԥара рацәа нымхкәа аԥсшьара ахьалшо аҭыԥқәа рсиа иаҵанакит ҳәа аанацҳауеит TVIL.RU.
80% еиҵахеит цәыббрамзатәии жьҭаарамзатәии ахәқәа Истреи Сортавалеи ақалақьқәа рҟны нанҳәамза иаҿырԥшны.
50% ахәқәа лаҟәит Ессентукии Переславль-Залесскии, Казань –40%.
TVIL.RU астатистикала, атуристцәа заанаҵы абри аамҭазы аҿаҵарақәа ҟарҵоит 2-11 уахы, иазыхиоуп уахыки ҽнаки ала 1,1 - 4,7 нызқьмааҭ аныхра.
Ахәԥсақәа еиҳа иахьылаҟәыз ахырхарҭақәа жәаба:
Асиа шьақәыргылоуп 2021 шықәса цәыббрамзеи жьҭаарамзеи рызтәи заанаҵтәи аҿаҵарақәа рышьаҭала.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: