Аԥсны хәымш инеиԥынкыланы аԥсшьарамшқәа ҟалоит

Аԥсны ауааԥсыра раԥхьаҟа хәымштәи аԥсшьарамшқәа рзыԥшуп, нанҳәа 26 инаркны нанҳәа 30 рҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik. Аԥыза-министр Александр Анқәаб Аминистрцәа реилазаара ақәҵара инапы аҵаиҩит нанҳәа 27 ԥсшьарамшы цҵаны иԥхьаӡазарц азы. Абри атәы аанацҳауиет аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аусуратә мзар инақәыршәаны ԥсшьарамшқәаны иԥхьаӡоуп нанҳәа 26, нанҳәа 30.
Нанҳәа 26 азы ҳтәылаҿ иазгәарҭоит Аԥсны жәларбжьаратәи азхаҵара Амш. 2008 шықәса абри амш азы Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит Урыстәылатәи Афедерациа.
Нанҳәа 28 азы Аԥсны ауааԥсыра иазгәарҭоит Нанҳәа, (мамзаргьы Анцәа иан лылацәеиқәыԥсара Амш). Нанҳәа 28 асабша иахьақәшәо азы ашәахьа, нанҳәа 30 ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп.
Абасала, нанҳәа  26 - 30 ԥсшьарамшқәоуп.