Аԥснытәи акомандақәа афорум "АрМИ-2021" аҟны х-еицлабрак ирылахәхеит

Жәларбжьаратәи арра-техникатә форум "Армия-2021" аатит нанҳәа 23 азы. 34 еицлабра ирылахәын 5 000-ҩык аруаа 42 тәыла рҟынтәи.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 25 – Sputnik. Аԥснытәи аррамаҵзурауаа рылахәын аицлабрақәа "Атактикатә хысыҩ", "Ельбрустәи амацәаз", "Атанктә биатлон" ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны атәылахьчара аминистрра арратәи аморал-ԥсихологиатәи зыҟаҵара Аусбарҭа аиҳабы Томас Ҷолариа.
Иара иажәаәқа рыла, "Атактикатә хысыҩ" аҟны Аԥсны акоманда 17 ҭыԥ рҟынтәи ажәбатәи ннакылеит, "Ельбрустәи амацәаз" аҿы 9 ҭыԥк рҟынтәи афбатәи ннакылеит.
"Ари ҳара ҳзы рбага бзиоуп, избанзар ҳара арҭ адисциплинақәа раԥхьаӡа акәны ҳрылахәуп. Ҳаҷкәынцәа иаразнакы зегь шьҭыркаауеит. Сгәы иаанагоит ԥхьаҟа рылшарақәа еиӷьыртәуеит ҳәа", - иҳәеит иара.
Аԥснытәи аруаа аицлабра "Атанктә биатлон" аҟны атехникатә уадаҩрақәа ирыхҟьаны рыквалификациа рхырхит, Ҷолариа иажәақәа рыла, "ақәыԥшратә максимализм" рԥырхагахеит. Иазгәеиҭеит ари аиԥш иҟоу аицлабрақәа рылахәра ԥышәа дууп ҳәа.
Иара убасгьы арадио Sputnik аҿы Аԥсны ар рподполковник Алиас Уанаҿа еиҭеиҳәеит акомандақәа ишрылшаз аԥсуа чыси ҳкультуреи рӡыргара.
Акоманда алахәылацәеи Венесуелатәи аруааи еибадырит, иагьырыӡбеит ахәмаррақәа еицрылахәхарц.
Сынтәа арратә еицлабрақәа мҩаԥысуеит нанҳәа 22 инаркны цәыббра 4 аҟынӡа 11 ҳәынҭқарра рҵакыраҿы (Урыстәыла, Алжир, Ермантәыла, Белоруссиа, Вьетнам, Иран, Катар, Ҟазахстан, Китаи, Сербиа, Узбекистан).
34 еицлабра ирылахәхоит 5 000-ҩык аруаа 42 тәыла рҟынтәи.