АҞӘА, нанҳәа 25- Sputnik. Гәдоуҭа араион, Дәрыԥшь ақыҭан аус зымуаз ахәшәтәырҭа ахыбра амца акит ҳәа Sputnik иазаарыцҳаит Аԥсны АҶА апресс-маҵзураҟынтә.
Аҭыԥ аҿы инеит Гәдоуҭа аиқәырхаратә хәҭа амцарцәаратә гәыԥқәа хԥа.
"Амца дырцәеит аҩнқәа рахь имиасырц. Асовет аамҭазы ари ахәшәтәырҭа акәын, уажәы уаҩ дызхым хыброуп", - рҳәеит апресс-маҵзураҿы.
Амцакра зыхҟьаз азы хазы аинформациа ҟалоит.