"Иаҳхысыз амшцәгьақәа раан Тҟәарчал аԥхасҭа ӷәӷәа аиуит ҳәа уҳәартә иҟам. Амҩақәа рҿы икаҳаз аҵлақәа рнаҳгеит. Аԥсшьаҩцәа ракәзар, арахьгьы иаауа маҷым, Аҟармара, азхыҽҽақәа рахь уҳәа, аха макьана ибзианы ҳааиуеит. Аӡәы ацхыраара иҭахуп ҳәа адырра ҳмоуцт. Иахьа иаҳзасит аҭыԥантәи ауааԥсыра ҩыџьа ҟьалеит ҳәа, аха дара иаразнак иԥшаахеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аршба.
АҶА Ҭҟәарчал араионтә ҟәша аиҳабы иажәақәа рыла абылрақәа ирыхҟьаноуп еиҳарак ауааԥсыра аҭел изасуа. Уажәтәи аамҭазы ус еиԥш маҷуп, еиҳарак аӡынтәи аамҭазы ауп ианыҟоу, ҳәа иҳәеит Аршба.
АҶА Ҭҟәарчал араионтә ҟәша аиҳабы иажәақәа рыла абылрақәа ирыхҟьаноуп еиҳарак ауааԥсыра аҭел изасуа. Уажәтәи аамҭазы ус еиԥш маҷуп, еиҳарак аӡынтәи аамҭазы ауп ианыҟоу, ҳәа иҳәеит Аршба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.