Аԥснытәи астудентцәеи ашколхәыҷқәеи рзы Урыстәыла алагерқәа еиҿкаахоит

Москва имҩаԥысит Урыстәыла аҭҵаарадырреи иреиҳаӡоу аҵареи рминистр ихаҭыԥуаҩ Наталиа Бочаровеи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи реиԥылара.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik. Урыстәыла аҭҵаарадырреи иреиҳаӡоу аҵареи рминистр ажәадгала ҟалҵеит Аԥснытәи астудентцәеи ашколхәыҷқәеи рзы Урыстәыла аҵараиурҭақәа рбазала алагерқәа еиҿкаазарц. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
Урыстәыла иҭаҩу абитуриентцәа квотала аҵараиурҭа изҭалом
Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟаҵан ажәалагала Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рбазала аԥхынтәии аӡынтәии алагерқәа еиҿкаахарц астудентцәеи аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәеи рзы.
Бочарова Аԥснытәи лколлегацәа ирзеиҭалҳәеит иреиҳаӡоу аҵараиурҭа урыстәылатәи асистема алшарақәа ртәы.
Иара убасгьы ирылацәажәан ҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәа. Хаҭала, аԥсныуаа урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы рҵараҵара азҵаара, аицуснагӡатәқәа рымҩаԥгара атәылақәа рыҩба рыстудентцәа рзы, урҭ аҵара-методикатә литературала реиқәыршәара.
2021 шықәсазы имҩаԥысыр ҟалоит Урыстәыла аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра аделегациа Аԥсныҟа раара.