Акоронавирус даҽа 110-ҩык ауааԥсыра рцәа ишалоу аадырԥшит Аԥсны

Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 24819-ҩык рҟынӡа инаӡахьеит, ргәы бзиахеит 20508-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 370-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 26 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 316-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 110-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 99-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 28-ҩык, ибжьаратәуп - 33-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 26-ҩык, урҭ рахьтә 18-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 15-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 24-ҩык, урҭ рахьтә ааҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 12-ҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 66-ҩык апациентцәа, фҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкы рхы ацәырхьчаларц.