Аԥснытәи акоманда ашьхатә ԥынгылатә цәаҳәа иахысит аицлабра "Ельбрустәи амацәаз" аҟны

Ашьхатә ԥынгылатә цәаҳәа - ари зегь раасҭа ихьанҭоу дҵа ҷыдоуп, арратә еицлабрақәа рыҟны иреиӷьу ашьхаҳаракыратә аҟәша ҳәа ахьӡ аԥсахаразы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 27 - Sputnik. Жәларбжьаратәи аицлабра "Ельбрустәи амацәаз" АрМи-2021 аҳәаақәа ирҭагӡаны аррамаҵурауаа ашьхаҳаракыратә ҟәшақәа Аԥсны,Урыстәыла, Китаи, Пакистан, Ҟазахстан, Узбекистан, Индиа ашьхатә ԥынгылатә цәаҳәа иахысит. Абри атәы аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Аԥснытәи аруаа АрМи-2021 рҽазыҟаҵо ашьхатә ԥынгылатә цәаҳәа иахысит
Ари аицлабраҿы иалагалоуп 11 хәҭала ашьхатә ҽазыҟаҵарақәа, иара убри алагь аицлабрақәа зегь раасҭа иуадаҩу усдҵан иԥхьаӡоуп.
"Уи ахысразы иазыԥхьагәаҭоуп ацаҟьа аҿысра, аидара аҭыгара, аҩхаа ашаха уҽанҵаны укаианы аҭысра, ашахала алыбаара, аграната аршәра уҳәа убас егьырҭгьы", - ҳәа еиҭаиҳәеит аицлабра "Ельбрустәи амацәаз" аӡбаҩ хада аполковник Александр Украинец.
Иара убас аӡбаҩ хада иҳәеит, ашьхатә ԥынгылатә цәаҳәа ахысразы аруаа аҽазыҟаҵара бзиаӡа рымазарц шахәҭоу.
Нанҳәа 26 рзы Жәларбжьаратәи аицлабра "Ельбрустәи амацәаз" иалахәу Аԥснытәи акомандагь убрахь иналаҵаны Ҟабарда -Балкариа шә-километрак ашьхақәа рхалара иалагеит ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.