Аԥсуа боксиорцәа Урыстәылазегьтәи атурнир аҟны аԥхьахә ҭыԥқәа жәба ааныркылеит

Атурнир иалахәын 2005-2008 шықәсқәа рзы ииз аспортсменцәа Москвантәи, Владимирсктәи, Калужтәи, Липецктәи, Тамбовтәи аобластқәеи, Краснодартәи атәылаҿацәи Аԥсни рҟынтәи.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 27 – Sputnik. Аԥснытәи абоксиорцәа аԥхьахәтә ҭыԥқәа жәба ааныркылеит, нанҳәа 23-26 рзы Риазантәи аобласт аҟны Урыстәыла афырхаҵа Алексеи Буриличев игәалашәаразы имҩаԥгаз Урыстәылазегьтәи атурнир аҟны. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҳәынтқарратә аспорт хеилак.
Аԥсны ахьӡала иқәгылеит жә-ҩык абоксиорцәа Аҟәантәи, Агәыӡерантәи, Гагрантәи.
Атурнир аихшьаалақәа рыла, аԥсуа спортсменцәа ԥ-шьҩык аԥхьахәтә ҭыԥқәа ирыԥсахеит, х-ҩык аҩбатәи, ҩыџьа ахԥатәи аҭыԥқәа.
Аԥсуа боксерцәа
Актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Агәыӡератәи аспортсменцәа Грант Касиани Дауҭ Гындиеи, Аҟәатәи аспортсменцәа Инал Кәарҷиеи Баграт Ҭаниеи.
Аҩбатәи аҭыԥқәа ирыԥсахеит Гагратәи абоксирцәа Давид Ҵколиа, Ренат Бениа, Галуст Арзуманиан.
Ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Данил Кәыҵниа Агәыӡерантәи, Қьамал Возба Аҟәантәи.
Аспортсменцәа азыҟарҵоит Елезбар Џьологәуа, Едгар Криа, Иракли Ҵурҵумиа, Едуард Депилиан. Аԥнытәи акоманда мҩаԥигон аӡбаҩ актәи аҩаӡара змоу Матевос Макртычиан.