Аԥсны зқьи аашәҩык инареиҳаны алаҵа "Спутник Лайт" ҟарҵеит нанҳәа 10 раахыс

Нанҳәа 6 рзы Аԥсныҟа иааргеит 5 000 доза алаҵа "Спутник Лайт", уи алаҵара иалагеит амза 10 инаркны.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 28 – Sputnik. Зқьи жәибыжьҩык алаҵа "Спутник Лайт" ҟарҵахьеит Аԥсны нанҳәа 10 раахыс ҳәа аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Алаҵа ҟазҵар зҭаху араионқәа руааԥсыра аҭыԥантәи ахәышәтәырҭақәа рҟны алаҵаҟаҵара аҭыԥқәа ахьаарту асиа ианырҵарц адырра рырҭоит. Нас арҭ аусбарҭақәа аминистррахь асиақәа аарышьҭуеит. Адырҩаҽны аминистрра асиақәа ирықәыршәаны алаҵа араионқәа рахь инанашьҭуеит.
Алаҵа "Спутник Лайт" хә-нызқь доза Аԥсныҟа иааган нанҳәа 6 рзы. Ари апартиа аахәареи Аԥсныҟа аашьҭра аиҿкаареи ихахьы игеит Москватәи Аԥсуа диаспора аиҳабы Беслан Агрба.
"Спутник V" актәи апартиа 4000 доза 6,9 миллион мааҭ ҳәа иаахәан 2021 шықәса мшаԥымзазы. Даҽа 2500 доза агуманитартә цхыраара ҳәа Урыстәыла Аԥсныҟа иаанашьҭит.