Аԥснытәи акоманда ашьха ӡиас ирит "Ельбрустәи амацәаз" аҳәаақәа ирҭагӡаны

Аԥснытәи акоманда егьырҭ Урыстәыла, Китаи, Пакистан, Индиа, Узбекистан, Ҟазахстан акомандақәа ирыцны "Ельбрустәи амацәаз" аҳәаақәа ирҭагӡаны даҽа еицлабрак иахысит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 28 - Sputnik. Аԥснытәи акоманда иҷыдоу адҵа нагӡаны ашьха ӡиас Терскол ирит жәларбжьаратәи аконкурст "Елльбрустәи амацәаз" аҳәаақәа ирҭагӡаны, абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.
Урыстәылатәи акоманда зегь ираԥнагеит Терскол аӡиас арраҿы, иара убри алагьы арекорд ҿыц шьақәнаргылеит. Ари аԥышәара ф-минуҭки хә-секундки рыла, ҵыԥхтәи раамҭа минуҭк ала иеиҳан.
Урыстәылатәи акоманда аӡиас ишыруа
Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит Узбекистан акоманда, урҭ раамҭа ф-минуҭки 28 секунди артәеит, ахԥатәи - Индиа, быжь-минуҭки ҩ-секундки рыла.
Аԥснытәи акоманда ахаҭарнак
Аицлабра алахәылацәа аруааи аинстуркторцәеи ишырбоз ашьха ӡиас урызго аперилақәа хырҵеит, анаҩс ахыхьчага шахақәа хшьны арра иалагеит. Аӡәы ирра 10-15 секунд агон.
Ари адҵа акыр иуадаҩын ҳәа дахцәажәоит аконкурс иалахәыз Даниил Филлипов, избан акәзар ашьха ӡиас уамакала ихьшәашәоуп, иаӷьны иаауеит, насгьы аԥанқәа амоуп.