https://sputnik-abkhazia.info/20210828/Asnyti-akomanda-ashkha-ias-irit-Elbrusti-amatsaz-aaaa-iragany-1033116178.html
Аԥснытәи акоманда ашьха ӡиас ирит "Ельбрустәи амацәаз" аҳәаақәа ирҭагӡаны
Аԥснытәи акоманда ашьха ӡиас ирит "Ельбрустәи амацәаз" аҳәаақәа ирҭагӡаны
Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи акоманда егьырҭ Урыстәыла, Китаи, Пакистан, Индиа, Узбекистан, Ҟазахстан акомандақәа ирыцны "Ельбрустәи амацәаз" аҳәаақәа ирҭагӡаны даҽа еицлабрак... 28.08.2021, Sputnik Аҧсны
2021-08-28T19:45+0300
2021-08-28T19:45+0300
2021-08-28T21:00+0300
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/1c/1033117347_0:76:3082:1818_1920x0_80_0_0_0e3a9d6011c976567f4543638547e508.jpg
АҞӘА, нанҳәа 28 - Sputnik. Аԥснытәи акоманда иҷыдоу адҵа нагӡаны ашьха ӡиас Терскол ирит жәларбжьаратәи аконкурст "Елльбрустәи амацәаз" аҳәаақәа ирҭагӡаны, абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.Урыстәылатәи акоманда зегь ираԥнагеит Терскол аӡиас арраҿы, иара убри алагьы арекорд ҿыц шьақәнаргылеит. Ари аԥышәара ф-минуҭки хә-секундки рыла, ҵыԥхтәи раамҭа минуҭк ала иеиҳан.Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит Узбекистан акоманда, урҭ раамҭа ф-минуҭки 28 секунди артәеит, ахԥатәи - Индиа, быжь-минуҭки ҩ-секундки рыла.Аицлабра алахәылацәа аруааи аинстуркторцәеи ишырбоз ашьха ӡиас урызго аперилақәа хырҵеит, анаҩс ахыхьчага шахақәа хшьны арра иалагеит. Аӡәы ирра 10-15 секунд агон.Ари адҵа акыр иуадаҩын ҳәа дахцәажәоит аконкурс иалахәыз Даниил Филлипов, избан акәзар ашьха ӡиас уамакала ихьшәашәоуп, иаӷьны иаауеит, насгьы аԥанқәа амоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/1c/1033117347_0:0:3082:1938_1920x0_80_0_0_fbbc5855f471392a35fd790f1d2264be.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аԥснытәи акоманда ашьха ӡиас ирит "Ельбрустәи амацәаз" аҳәаақәа ирҭагӡаны
19:45 28.08.2021 (ирҿыцуп: 21:00 28.08.2021) Аԥснытәи акоманда егьырҭ Урыстәыла, Китаи, Пакистан, Индиа, Узбекистан, Ҟазахстан акомандақәа ирыцны "Ельбрустәи амацәаз" аҳәаақәа ирҭагӡаны даҽа еицлабрак иахысит.
АҞӘА, нанҳәа 28 - Sputnik. Аԥснытәи акоманда иҷыдоу адҵа нагӡаны ашьха ӡиас Терскол ирит жәларбжьаратәи аконкурст "Елльбрустәи амацәаз" аҳәаақәа ирҭагӡаны, абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.
Урыстәылатәи акоманда зегь ираԥнагеит Терскол аӡиас арраҿы, иара убри алагьы арекорд ҿыц шьақәнаргылеит. Ари аԥышәара ф-минуҭки хә-секундки рыла, ҵыԥхтәи раамҭа минуҭк ала иеиҳан.
Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит Узбекистан акоманда, урҭ раамҭа ф-минуҭки 28 секунди артәеит, ахԥатәи - Индиа, быжь-минуҭки ҩ-секундки рыла.
Аицлабра алахәылацәа аруааи аинстуркторцәеи ишырбоз ашьха ӡиас урызго аперилақәа хырҵеит, анаҩс ахыхьчага шахақәа хшьны арра иалагеит. Аӡәы ирра 10-15 секунд агон.
Ари адҵа акыр иуадаҩын ҳәа дахцәажәоит аконкурс иалахәыз Даниил Филлипов, избан акәзар ашьха ӡиас уамакала ихьшәашәоуп, иаӷьны иаауеит, насгьы аԥанқәа амоуп.