Гагра уахыки-ҽнаки аԥсшьараз ауада ахьамырхуа жәа-қалақьқ рыбжьара иҟоуп

Сынтәатәи ашықәс азын иарбан қалақьқәоу уахыки-ҽнаки аԥсшьаразы иаҳа изыдҵаалоз, абри атәы ҭнаҵаауан амаҵзура TVIL.RU.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 28 - Sputnik. Гагра уахыки-ҽнаки аԥсшьараз ауада ахьамырхуа жәа-қалақьқ ирылоуп, 2021 шықәсазтәи аԥхынтәи аԥсшьара аамҭа аихшьаалақәа рыла, абри атәы аанацҳауеит атуристтә маҵзура Tvil.ru.
Ҵыԥхтәи аихшьаалақәа ирыҿҳарԥшуазар, аԥсшьараз ауадақәа заа иаанызкылоз рхыԥхьаӡара 27% иазҳаит.
Убри аан уахыки-ҽнаки аԥсшьара ахәԥса бжьаратәла 16% иазҳаит, аха инеиԥынкыланы бжьаратәла аԥсшьарамшқәа згоз рхыԥхьаӡара 1-2% иагхеит.
Амаҵзура Tvil.ru. адыррақәа рыла, сынтәа заа аԥсшьараз ауаҭахқәа аанызкылоз, уахык инаркны жәамш рҟынӡа 1,7 нызқь мааҭ инаркны 3,6 нызқь мааҭ уахык инырхуан. Уахыктәи ахәԥса зегь раасҭа иахьмаҷыз ҳәа иалкаауп Кисловодск, иахьыҳараку ҳәа Севастополь.
Еицырдыруа ақалақьқәа жәаба 2021 шықәса аԥхынтәи уахыки-ҽнаки аԥсшьаразын иалыркааз
Асиа шьақәыргылоуп рашәарамза 1 инаркны нанҳәамза 31 нӡа зыхә шәоу заа ауадақәа амзххьоу аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара шьаҭас иҟаҵаны.