Амшынеиқәатәи аруаа Аԥсны аргыларақәеи ахыбрақәеи рырзҩыдара иацырҵоит

Арзҩыдаразы ахыбрақәеи аргыларақәеи ирықәырҭәоит иҷыдоу аилаӡҩа ДТС-ГК аматәа "Нерехта" рышәҵаны.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 29 - Sputnik. Амшын еиқәа афлот Аладатәи арратә округ арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи ахьчара архәҭа аҟазауаа Аԥсны арзҩыдарақәа ирыцырҵуеит, Аҟәеи Гагреи аргыларақәеи ахыбрақәеи рыҟны. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭа Facebook ахатәы даҟьаҿы.
Аҟәеи Гагреи аргыларақәеи ахыбрақәеи арзҩыдара рзыруеит
Иазгәаҭоуп, анаҩстәи арзҩыдарақәа шымҩаԥгахо атәылаҟны акыр зҵазкуа ахыбрақәеи асоциалтә ргыларақәеи рыҟны.
Уаанӡа аруаа Гәдоуҭа 120 нызқь ԥшьаркца ирыҵаркуа аргыларақәеи ахыбрақәеи дырзҩыдеит, иара убас Гагра 40 нызқь ԥшьаркца.
Амшын еиқәа афлот Аладатәи арратә округ арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи ахьчара архәҭа Аԥсныҟа иааит нанҳәа 18 рзы, асанитар епидемиологиатә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы ацхыраара аҟаҵара.