Аԥсны иалагалоу афымцалашара арцәара аамҭеихшара ԥсахуп нанҳәа 30 рзы

Аԥсны рашәара 28 инаркны аԥхынра афымцалашара ахархәара иахьеизҳаз иахҟьаны уахынла ҩ-сааҭк идырцәоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 29 – Sputnik. Тҟәарчал араион афымцацәаҳәа ҳаракы аҟны имҩаԥырго аиҭашьақәыргыларатә усқәа ирыхҟьаны  нанҳәа 30 рзы, Аԥсны иалагалоу афымцалашара арцәара аамҭеихшара ииагахоит асааҭ 05:00 инаркны 07:00 рҟынӡа, абри азы адырра ҟанаҵоит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Амҽыша нанҳәа 29 рзы астанциа маҷ Тҟуарчал ГРЭС ахала ахьчага аус ахьауз иахҟьаны Аԥсны ахәҭак лашарада иаанхеит. Афымцалашара шьақәыргылан 45 минуҭ рышьҭахь.
Афымцатә цәаҳәақәа ирықәу аидара амчхара азымхара иахҟьаны Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара иалагеит рашәара 28 инаркны. Аамҭеихшара инақәыршәаны алашара дырцәоит уахынла ҩ-сааҭк.