АҞӘА, нанҳәа 29 - Sputnik. Аԥсшьарҭатә комплекс "Тамшь Village" быжь-нызқьҩык рҟынӡа атуристцәа аднакылахьеит, ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит уи адиректор Константин Новиков.
Иара иажәақәа рыла, сынтәатәи атуристтә сезон аԥсшьаҩцәа рацәаҩны иаанагеит. Уи моу, жьҭаарамзаҟынӡа заа аҭыԥқәа аазхәахьоугьы ыҟоуп, аӡынразгьы убас.
"Аклмплекс шықәснаҟьак аус ауртә еиԥш иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. Аӡынразы аӡҭарчы аӡырԥха ҭало иҟалоит, аҽыкәабарҭақәа, аекскурсиатә программақәа, акорпоративқәа, ашықәсҿыцазтәи аныҳәатә хәылԥазқәа, амандарин фуршетқәа уҳәа, ахьҭа иамкуа иҭаку абарҵақәа рҿы итәо еиҿаҳкаауеит", - иҳәеит иара.
Новиков иазгәеиҭеит, Тамшьҟа ишырҭаауа Урыстәыла акәакьқәа зегьы рҟынтә атуристцәа Сибра инаркны Ахара Мрагылара аҟынӡа. Дара рзын иҿыцу аекскурсиатә хырхарҭақәа аартхоит Мрагыларатәи Аԥсны аганахь.
"Аԥсны ари ахәҭа аҿиара аԥеиԥш ду шамоу ҳбоит, ауаа ирҭахны иаауеит, ахырхарҭа ҿыцқәа ирышьҭоуп. Ҳаргьы арҭ ахырхарҭақәа иаҳа рырманшәалара ҳҽазаҳшәоит, анаплакцәагьы рус аизҳара ҳацхраауеит иара уи ала. Аԥсны мрагылара ҳара иҳацҿианда ҳәа агәыӷра ҳамоуп. Ас еиԥш иҟоу акомплексқәа ыҟазар, уи иаанаго аусурҭа ҭыԥқәагьы ҟалоит, ҳара ҳҟынгьы аҭыԥантәи ауааԥсыра маҷҩымкәа усура иҳадаҳкылеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит адиректор.
Новиков иазгәеиҭеит, Аԥсны аинвестициақәа рзы иманшәалоу тәылоуп ҳәа, урҭ рхьарԥшра аганахьала аусурагьы цоит.
"Тамшь Village" - ӷәыла иҟаҵоу аҩнхәыҷқәа еидызкыло агәабзиарчаԥарҭатә - асасирҭатә комплексуп, амшын аԥшаҳәаҿы ишьҭоуп, иааидкыланы зықьҩык рҭыԥ амоуп. Ари аргылара аԥара ахнашәааит урыстәылатәи атуристтә еилахәыра "Библио-Глобус".