АҞӘА, нанҳәа 30 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 348-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 136-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Хымш рыла Гәдоуҭатәи аковид госпиталь аҟны рыԥсҭазаара иалҵит фҩык апациентцәа: ахацәа 76, 73, 53 шықәса ирҭагылаз, иара убас 63, 71, 79 шықәса зхыҵуаз хҩык аҳәсеи.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 74-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 16-ҩык, ибжьаратәуп - 24-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 28-ҩык, урҭ рахьтә фҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 23-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 18-ҩык, урҭ рахьтә ԥшьҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - жәаҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 71-ҩык апациентцәа, быжьҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкы рхы ацәырхьчаларц.