Аҟәатәи ауасҭарҭатә ҭыԥк аҟны амашәыр ҟалеит

Аҟәа Адыгаа рымҩала иҟоу ахаҳә блокқәа ахьыҟарҵо ауасҭарҭаҟны амашәыр шыҟалаз азын адырра ҟалеит нанҳәа 30 асааҭ 21:30 рзы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 31 - Sputnik. Аҟәа, Адыгаа рымҩаҿ иҟоу ахаҳә блокқәа ахьыҟарҵо ауасҭарҭаҟны аусуҩ аиҟәыршьшьагатә цәаҳәа дакит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Аҭыԥ ахь инеит ареспублика аиқәырхаратә усбарҭа аусзуҩцәа.
Ааха зауыз актәи ацхыраара иҭаны Ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаргеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: