"Аҽеиқәыршәара салагеит заанаҵы. Сгәыӷуан, ашкол ахь сцоит ҳәа. Иаҳҭахыз зегьы ҳаԥшааит. Ҳаиқәшәоуп сҳәартә сыҟоуп. Иҳамазгьы рацәан. Ҵыԥхтәи амаҭәақәа ирнаалаз маҷым. Проблема смоуӡеит. Бжьаратәла ахәыҷы еилаҳәара 15 000 мааҭ итәоит. Уи зныктәи еилаҳәара, аха еиҭа имазароуп иҽзлеиԥсахуа. Еиҳарак ихадоу ҳәа сгәы иаанаго - ашьапымаҭәа, уи 5 000 мааҭ иаԥсоуп. Еиҵоу шықәсык изныҟәгоит ҳәа сызҳәаӡом. Уи имариаӡам, зегьы ирзышьҭыхӡом ахә. Доусы ииҭахуп анҵыра змоу амаҭәа иоурц, ишаԥу еиԥш уи ахә иаҳа ицәгьоуп. Изласылшоз ала ҳҽеибаҳҭеит, аха зынӡа сҽадшьыланы ҳәа сызҳәом. Насгьы ҩымз роуп аԥхарра ахьыҟоу, анаҩс аӡын ааиуеит, убригьы иазхәыцтәуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Адлеиԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.