Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Адлеиԥҳа ахәыҷы ашкол ахь еибыҭаразы: доусы ииҭахуп анҵыра змоу, аха уи зегьы ирылшом

© Foto / предоставлено Илоной АдлейбаИлона Адлеиба
Илона Адлеиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.08.2021
Анапаҵаҩра
Ҩыџьа аҵаҩцәа ран Илона Адлеиԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ахәыҷы ашкол ахь еидкылара иацу акәамаҵамарақәа ртәы, насгьы уи ахарџь шаҟа аҭаху.
Адлеиԥҳа ахәыҷы ашкол ахь еибыҭаразы: доусы ииҭахуп анҵыра змоу, аха уи зегьы ирылшом
"Аҽеиқәыршәара салагеит заанаҵы. Сгәыӷуан, ашкол ахь сцоит ҳәа. Иаҳҭахыз зегьы ҳаԥшааит. Ҳаиқәшәоуп сҳәартә сыҟоуп. Иҳамазгьы рацәан. Ҵыԥхтәи амаҭәақәа ирнаалаз маҷым. Проблема смоуӡеит. Бжьаратәла ахәыҷы еилаҳәара 15 000 мааҭ итәоит. Уи зныктәи еилаҳәара, аха еиҭа имазароуп иҽзлеиԥсахуа. Еиҳарак ихадоу ҳәа сгәы иаанаго - ашьапымаҭәа, уи 5 000 мааҭ иаԥсоуп. Еиҵоу шықәсык изныҟәгоит ҳәа сызҳәаӡом. Уи имариаӡам, зегьы ирзышьҭыхӡом ахә. Доусы ииҭахуп анҵыра змоу амаҭәа иоурц, ишаԥу еиԥш уи ахә иаҳа ицәгьоуп. Изласылшоз ала ҳҽеибаҳҭеит, аха зынӡа сҽадшьыланы ҳәа сызҳәом. Насгьы ҩымз роуп аԥхарра ахьыҟоу, анаҩс аӡын ааиуеит, убригьы иазхәыцтәуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Адлеиԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0