Амшын аҿы аҽыкәабаратә аамҭа аркхоит цәыббра 28 рзы

Аԥсны АҶА зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭқарратә хылаԥшырҭа анапхгаҩцәеи ареспублика араионқәа рхадацәеи аицыӡбамҭа рыдыркылеит аҽыкәабаратә аамҭа аркразы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 31 - Sputnik. Амшын аҿы аҽыкәабаратә аамҭа аркхоит цәыббра 28 азы, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Ари мзыс иамоу аԥсабаратә цәырҵроуп. Амшынӡ аԥхарра лаҟәуеит, ацәқәырԥара ӷәӷәахоит, уи амшын аҭалараз ашәарҭара аҵоуп.
Цәыббра 28 ашьҭахь аиқәырхаратә ҭыԥқәа русура аанкылахоит аплиажқәа рҟны.
Аиқәырхаҩцәа агәҽанҵара ҟарҵоит аӡаҿы ашәарҭадаратә ԥҟаррақәа ирықәныҟәаларц официалла аҽыкәабаратә аамҭа анаркхалак ашьҭахьгьы.