Тҟәарчали Тҟәарчал араиони аамҭақәак лашарада иаанхеит

Тҟәарчали Тҟәарчал араиони аамҭақәак лашарада иаанхеит ицо аусурақәа ирыхҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 31 - Sputnik. Тҟәарчали Тҟәарчал араиони асааҭ 11:00 - 14:00 рзы лашарада иаанхоит ҳәа аанацҳауеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Аремонттә усурақәа ирхырҟьаны аамҭақәак иаанкылахоит астанциа маҷ Тҟәарчал ГРЕС.
Нанҳәа 29 азы Тҟәарчалтәи ГРЕС аҿы автоматикатә хьчара аус ауын алашара ыцәеит. Лашарада иаанхеит Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа, Аҟәа араион ахәҭак, Аҟәа ақалақь агәы.
Нанҳәа 19 азы Аԥсны абжеиҳара лашарада иҟан авольтҳарак Очамчыра-220, астанциа маҷ Тҟәарчал ГРЕС, авольтҳарак 110 астанциа маҷ Очамчыра-2 аҿы амашәыр иахҟьаны.