Урыстәылатәи артеллиристцәа Аԥсны ашьхараҿы "аӷа" дҭадырхеит

Ахысрақәа ирылахәын 500-ҩык ААО артиллериатә ҟәша аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭан 150 ак арратә техника.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 31 - Sputnik. Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа Аԥсны ашьхақәа рҿы "аӷа" ихырӷәӷәарҭақәа ықәдрыцқьааит атактикатә маана "амцала аҳәазара" ахархәарала, ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Ахысрақәа мҩаԥыргон зхала иныҟәо агәыԥқәа агаубицақәа 2С3 "Акация" рыла. Иара убасгьы ахархәара рыҭан аԥырҩы дызҭам аппаратқәа "Орлан-10" ргәыԥқәа.
"Амцала аҳәазара" ҳәа иашьҭоуп ахысраан амца аҽыхьчара аԥхьатәи ацәаҳәаҟынтәи "аӷа" итыл ахь аиагара.
Аррамаҵзурауаа ҳаамҭазтәи артиллериатә ԥшыхәра астанциақәеи абжьыметрикатә комплексқәеи рхархәарала ацәҟьарақәа ҭарыԥшыхәит.
Ҷыдала азхьаԥшра арҭеит анапхгараҭаратә система "абатареиа-адивизион" ала аинырреи аимадара аиҿкаареи.