Алаӷырӡи агәырӷьареи зцу ашкол аамҭа: Аҵара амш Аԥсны

Аԥсны аҵарашықәс иалагеит Адырра амш цәыббра 1 азы. Ареспублика иахьаҵанакуа рышәқәа аадыртит 155 школ.
Sputnik
 
2021 шықәсазы Аԥсны актәи акласс ахь ршьаҿа еихыргеит 2056-ҩык ахәыҷқәа, зынӡа ашкол ахь ицоит 28 нызқьҩык, арҵаҩцәа ԥшьнызқьҩык ыҟоуп.
Аурокқәа ҵыԥх еиԥшымкәа сынтәа есыҽны имҩаԥыргалоит. Хымԥада ирықәныҟәоит ашәарҭадаратә ԥҟаррақәа. Акласс аҭбаара иалнаршозар ашахмат ҟазшьа аманы аҵаҩцәа дыртәоит. Арҵаҩцәа ирабыжьгоуп асабрадақәа рҿазарц, арзҩыдагақәа рхы иадырхәаларц. Асанитартә ҳақьым хада  Лиудмила Скорик ишылҳәахьоу ала, арҵаҩцәа алаҵаҟаҵара иахысроуп.
Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра иҟанаҵаз абжьгара инақәыршәаны, азеиԥш школтә цәаҳәақәа мҩаԥгамызт, актәи акласқәа рыда.
Аминистрра аҵаратә процесс амҩаԥысшьа хылаԥшра анаҭалоит, аԥсахрақәа оперативла  ирызхьаԥшлоит.  Акласс аҿы ичмазаҩу даарԥшхар акласс адыркуеит.
Ҵыԥхгьы аҵаратә процесс иалаган цәыббра 1 азы, аха нас аамҭа-аамҭала еиԥҟьеит аепидемиологиатә ҭыгылазаашьа иахҟьаны.
1 / 16
Аԥсны Аҵара амш иаԥылеит. Зегь реиҳа ари амш иегәырӷьо раԥхьаӡа акәны ашкол ахь зшьаҿа еихызго ахәыҷқәа роуп, урҭ рхы-рҿқәа рхаччоит.

2 / 16
Арҵаҩцәагьы аҵарашықәс ҿыц алагара иеигәырӷьоит, аепидҭагылазаашьа шыуадаҩугьы
3 / 16
Аныҳәаҽны аԥышҭарчқәа ажәҩан ихаларҵеит.
4 / 16
Раԥхьатәи аҵәҵәабжьы иузаҟәымҭхо иадҳәалоу атрибутуп актәи акласс аҵаҩцәа раԥхьатәи лырҵаҩы илызнарго ашәҭшьыҵәрақәа.
5 / 16
Ахәыҷқәа ирыцны иааиуеит анацәа, абацәа, зны-зынла андуцәеи абдуцәеигьы.
6 / 16
Акрызҵазкуа ари амш аламҭалаз зызхара измыцәазгьы маҷҩым.
7 / 16
Аха адырра ҿыцқәа рырҳара иашьҭоу ԥынгыла ҳәа акгьы роуам.
8 / 16
Абар мышьҭабзиала игоит раԥхьатәи аҵәҵәабжьы.
9 / 16
Ажәеизатәи акласс аҵаҩцәа шықәсык ауп ашкол аҿы ирхыргарц инхаз.
10 / 16
Игәырԥшаагоу аныҳәаҿ зылаӷырц зызнымкылазгьы дубап.
11 / 16
Аиҳәшьцәа уажәшьҭа ашкол ахь еиццалоит.
12 / 16
ацәаҳәа иаша иқәгылоу ахәыҷқәа ажәеинраалақәа ирыԥхьоит, арҵаҩы илабадыруеит.
13 / 16
Амра ацәгылара иарааԥсаз аӡӷаб хәыҷы лгәалаҟара каҳаит, аҷкәын иакәзар, ахаҵа ишиаҭәоу еиԥш ачҳара аарԥшны дгылоуп.
14 / 16
Аҭакҟаҵара згәы азыҳәо аҵаҩцәа еснагь иҟоуп.
15 / 16
Ашкол зынӡа игәмырҿыӷьгазаап.
16 / 16
Аҩызцәа ҿыцқәа, адырра ҿыцқәа зауша, ихамышҭыхәу 11 шықәса заԥхьа ишьҭоу ахәыҷқәа.