Акоронавирус даҽа 125-ҩык рцәа ишалоу шьақәырӷәӷәоуп Аԥсны

Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 25324-ҩык рҟынӡа инаӡахьеит, ргәы бзиахеит 21380-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 380-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 1 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 562-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 125-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 64-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 24-ҩык, ибжьаратәуп - 27-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 29-ҩык, урҭ рахьтә жәаҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 23-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 17-ҩык, урҭ рахьтә фҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - ааҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 67-ҩык апациентцәа, фҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкы рхы ацәырхьчаларц.