Бжьаниа Аԥсны арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи аҵарашықәс алагара рыдиныҳәалеит

Аԥсны аҵарашықәс ҿыц хыртит цәыббра 1 азы, атәыла ахьынӡанаӡааӡо рышәқәа аадыртит 155 школ.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 1 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа арҵаҩцәа, аҵаҩцәа, урҭ рҭаацәарақәа, астудентцәа аҵарашықәс ҿыц алагара рыдиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аԥсны ашколқәа рҿы аҵарашықәс хацыркуп
"Адырра амш аҵак ду амоуп зегьы ҳзын. Раҧхьатәи аҵәҵәабжьы иацны иаҳзааиуеит аныҳәа, уи наунагӡа ҳаҧсҭазаараҿы инхоит, уи иацзаауеит ҳхәыҷра иазку агәалашәарақәа, ҳарҵаҩцәа ргәыбылра, урҭ ирҿаҳҵааз адыррақәа, иҳауз аҧышәа", – ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.
Ахада ҷыдала дрыдныҳәалеит аҿар рааӡара знапы иану арҵаҩцәа. Иҳәеит даҽа аамҭанык иеиҧшымкәан дара ишрыду аҭакԥхықәра ду.
"Макьана имцац адунеи зымҽхазкыз ачымазара ковид иацу ашәарҭара, иҳамазароуп агәҽанызаара, хрықәныҟәалароуп аҳақьымцәа рабжьгарақәа", – иҳәеит Бжьаниа.
Адырра амш иара убасгьы ирыдиныҳәалеит иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рыстудентцәа, абжьара-заанаҭтә ҵараиурҭақәа рҿы здырра аззырҳауа. Аҿар рахь ихы нарханы иазгәеиҭеит "шәара шәоуп знапы иану ҳаԥсадгьыл уаҵәтәи аԥеиԥш" ҳәа.