Гал араиони Урыстәыла аџьынџьуаа рзинқәа зыхьчо Ацентри аус еицырулоит

Урыстәылеи Аԥсни ртәылауаа азинеилкааратә консультациақәа роулар рылшоит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 1 - Sputnik. Ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аџьынџьуаа рзинқәа рыхьчаразы Ацентри" (КСОРС) Гал араион анапхгареи еилацәажәеит араион ауааԥсыра азиндырратә цхыраара рыҭаразы аусеицураз. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла аицџьынџьуаа реиҿкаарақәа Ркоординациатә еидгыла апресс-маҵзура.
"Ацентр хәыда-ԥсада азиндырратә консультациақәа мҩаԥнагалоит. Дарбанызаалак Урыстәылеи Аԥсни ртәылауаҩ  имоуп алшара арҭ аконсультациақәа роуразы. Азиндырратә мҩаԥгара иҭахызаргьы иахәҭоу адокументқәа еидаҳкылоит", - ҳәа  лҳәеит Ацентр анапхгаҩы Елена Жилинскаиа, иагьазгәалҭоит иарбанызаалак азҵаара ҷыдала  ишыӡбахо.
Гал араион аиҳабы Константин Ԥлиа ҭабуп ҳәа реиҳәеит Ацентр анапхгаҩцәа араион апроблемақәа ирырҭо азхьаԥшразы.
"Ииашаҵәҟьаны атема акраҵанакуеит, хра алоуп. Ҭабуп ахысҳәаарц сҭахуп шәаԥшьгамҭа. Аҭагылазаашьа уадаҩуп, уи еиҭактәуп. Ҳара ҳазыхиоуп абри ахырхарҭала аус шәыцура", - иҳәеит иара.