Оҭҳара ақыҭа иахьаԥну амҩатә машәыр аҟны аԥсыҭбара ҟалеит

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аҷаԥшьарҭахь ахҭыс азы адырра ҟаҵан нанҳәа 31 асааҭ 16:27 азы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 1 - Sputnik. Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны ахаҵа дҭахеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Аԥсны АҶА аҷаԥшьарҭахь иҟалаз азы адырра ҟаҵан нанҳәа 31 асааҭ 16:27 азы.
Автомашьына "Subaru" аԥсҟы зкыз Гагратәи амҩаду даныланы дахьцоз амҩа дахҟьаны аҵла дасит.