Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Хаҳәбиаԥҳа Тҟәарчал араион ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи ирызкны

Изеиԥшроузеи Тҟәарчал араион ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҭагылазаашьа, иаадыртыма урҭ зегьы рышәқәа, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Тҟәарчал араион аҵараҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фросиа Хаҳәбиаԥҳа.
Sputnik
"Тҟәарчал араион ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи зегьы рышә аадыртит. Иҟоуп араионқәа ашколқәа рахь инеиуа амҩақәа ахьыманшәаламыз, аха урҭгьы аҵаратә процесс хацдыркит. Бедиа иҟалаз адгьылҳәазарақәеи амшәцәгьақәеи ауадаҩрақәа иҭанаргылеит уа инхоз ауаа, аха шықәсык аахыс аиҭашьақәыргылара аус цон. Амҩақәа шьақәыргылоуп, анхацәагьы ацхыраара зҭахыз ирыҭоуп. Иахьазы Бедиеи Агәыбедиеи рышколхәыҷқәа рҵаратә мҩа акгьы аԥырхагам", - ҳәа еиҭалҳәеит Хаҳәбиаԥҳа
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.